Новости

Понедельник, 13 января 2025 23:21

ЛАША САҚАНИА: АЖЬЫРНЫҲӘА – ИԤШЬОУ АНЫҲӘАҚӘА ИРУАКУП

 

Ажьырныҳәа – Адунеи ашареи аҽырҿыцреи рымш азгәарҭоит Аԥсны ианвар 13-14 ауха.

Ажьырныҳәа ныҳәа хадоуп азы, уи амш ԥсшьарамшны иԥхьаӡоуп.

Аԥсны жәлар ари аныҳәа рыдиныҳәалеит апартиа "Аԥсны жәлар рфронт" ахантәаҩы Лаша Сақаниа.

“Ҳаҭыр зқәу атәылауаа! Адунеи ашара Амш дарбанзаалак аԥсуа изы ихадароу аныҳәақәа иреиуоуп.

Уи ала иалагоит Ашықәс ҿыц, ҳара зегьы насыԥла, агәабзиарала, аҭынчрала ҳанхаларц ҳзеиӷьасшьоит.

2025 шықәса ҳтәыла азы имарианы иаламгеит, ҳаԥхьаҟагьы ауадаҩрақәа рацәаны иаҳзыԥшуп.

Зегьы ишәзеиӷьасшьоит ари амҩа ҳаҭырла ҳанысырц, аҵас хадақәа ҳрықәныҟәаларц, ишәзааигәоу ауаа рыхьчареи ҳаҭыр рықәҵареи шәзеиӷьасшьоит.

Ҳаҭыр зқәу ҳџьынџьуаа!
Иара убас, гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит аныҳәа – Ажәытәтәи Ашықәс Ҿыц!

Сара исҭахуп акыр зҵазкуа зегьы иҳаҩсыз аамҭаҿы иаанымхарц, ԥхьаҟа уи аԥшаара аҭахымхарц, ауадаҩрақәа зегьы шьҭахьҟа иаанхазааит, ацәанырра ҿыцқәеи, аиааирақәеи, агәырӷьареи ҳаԥхьаҟа иаҳзыԥшызааит".

Прочитано 17 раз